Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит аҭырқәа-ақырҭуа  бизнес-форум «Чвенебуреби»
Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит аҭырқәа-ақырҭуа  бизнес-форум «Чвенебуреби»

Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит аҭырқәа-ақырҭуа  бизнес-форум «Чвенебуреби». Уи аҽалархәразы Қырҭтәыла иаҭааит 100ҩык иреиҳаны аҭырқәа бизнесменцәеи,  апотенциалтә инвесторцәеи, Ҭырқәтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакцәеи, ақыҭанхамҩеи атуризми егьырҭ аусхкқәеи ахаҭарнакцәеи.

Афорум иалахәып Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ҭырқәтәыла инхо ақырҭуа диаспори.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ишану ала, афорум хықәкыс иамуп  Қырҭтәыла аинвестициатә лагылазаареи алшарақәеи ирызкны аинформациа аларҵәареи, Қырҭтәылаҟа аинвестициақәа рыдыҧхьалареи, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура арҭбаареи.