Қырҭтәыла ахашәалахәытә маҵзура - Жәларбжьаратәи асанкциақәа рыдыркылеижьҭеи, Қырҭтәыла ишьақәгылоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит, аҳәааҿ аҳазылхратә ҭагылазаашьақәа зегьы иџьбараны ахылаԥшра рнаҭоит
Қырҭтәыла ахашәалахәытә маҵзура - Жәларбжьаратәи асанкциақәа рыдыркылеижьҭеи, Қырҭтәыла ишьақәгылоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит, аҳәааҿ аҳазылхратә ҭагылазаашьақәа зегьы иџьбараны ахылаԥшра рнаҭоит

Қырҭтәыла ахашәалахәытә маҵзура ишаанацҳаз ала, жәларбжьаратәи асанкциақәа рыдыркылеижьҭеи, Қырҭтәыла ишьақәгылоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит, аҳәааҿ аҳазылхратә ҭагылазаашьақәа зегьы иџьбараны ахылаԥшра рнаҭоит.

“Ауаажәларратә зҿлымҳара ду аҟынтә, ателеканал Формула арепортаж иадҳәаланы ауаажәларра адыррақәа рыҭара ҳҭахуп. Қырҭтәыла ахашәалахәытә маҵзура жәларбжьаратәи асанкциақәа рыдыркылеижьҭеи, Қырҭтәыла ишьақәгылоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит, аҳәааҿ аҳазылхратә ҭагылазаашьақәа зегьы иџьбараны ахылаԥшра рнаҭоит.

Аҳазалхратә хылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Афинансқәа рминистрра иаҵанакуа Ахашәалахәытә маҵзуреи ЕАШ-и Евроеидгылеи, иара убас егьырҭ апартниортә ҳәынҭқаррақәеи ркомпетенттә усбарҭақәеи, Қырҭтәыла аҵакыраҿ асанкциақәа зқәу атауарқәа реиҭаҵра аганахьала иааиԥмырҟьаӡакәа аусеицура рыбжьоуп, насгьы урҭ еснагь асанкциақәа рынагӡара азы адырра рнаҭоит”,  – иануп аинформациа аҿы.