Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа рышьаҭакра инамаданы Сенаки аҩбатәи ашьаҟатә бриагадаҿ имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа рышьаҭакра инамаданы Сенаки аҩбатәи ашьаҟатә бриагадаҿ имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа рышьаҭакра инамаданы Сенаки аҩбатәи ашьаҟатә бриагадаҿ имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит.  Аиубилеитә церемониаҿы Иреиҳаӡоу ар рҧыза дрыдыркылеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы,  аинрал-маиор  Гьаргь Маҭиашвилии.

Атәыла ахадеи Атәылахьчара аминистрра анапхгаҩцәеи Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара зхы ақәызҵаз аруаа ҳаҭырла иргәаладыршәеит, иара убас, ахатә аилазаара рҿаҧхьа иқәгыланы, атәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара аус аҿы ақәҿиарақәа рзеиҕьаршьеит.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, арратә напхгара ахаҭарнакцәа, аруаа аминистрра амедальқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рырҭеит.