Қырҭтәыла ахада ЕАР 80 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа ихы алаирхәит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили ЕАР 80 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа ихы алаирхәит.
Аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи реиҳабырақәеи рҿаҧхьа иқәгылеит ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хада Антониу Гутерриши ЕАР Ассамблеиа Хада 80-тәи асессиа ахантәаҩы Анналена Бербоки.
Аусмҩаҧгатә аҿы ЕАР амиссиеи ауранагӡареи, иара убас 80 шықәса ирылагӡаны иамаз ақәҿиарақәеи ирылацәажәеит.
ЕАР ашьаҭаркра инаркны 80 шықәса аҵра иазку аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла ахадеи, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, ЕАР аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Давиҭ Бақраӡеи, Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Талиашвилии, атәыла ахада иадминистрациа анапхгаҩы Қеҭеван Квиникаӡеи.
Михаил Ҟавелашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 80-тәи асессиаҿы дықәгылоит. Иара убас, Америка ахада Дональд Трамп иааҧхьарала, Қырҭтәыла ахада , ЕАР Ассамблеиа Хада 80-тәи асессиа иалахәу аделегациақәа рнапхгаҩцәа раҳаҭыр аҟынтә Америка ахада Дональд Трампи иҧҳәыс Мелани Трампи рыхьӡала имҩаҧгахо аофициалтә адкылара ихы алаирхәоит.
Михаил Ҟавелашвили ҩ-ганктәи аиҧыларақәагьы мҩаҧигоит.