Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Гьаргь ацқьа имш инамаданы, 49ҩык ашьауҕа рхихит.
Атәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла, Михаил Қавелашвили абаандаҩтәрада азыӡба зқәу 14ҩыки, абахҭа иҭаку 34ҩыки ашьауҕа рхихит, иара убас, даҽаӡәык ахарадҵара иқәихит.
«Қырҭтәыла ахада Аконституциала ианашьоу изинмчқәа ихы иаирхәит агуманизм апринципи аҳәынҭқарратә интересқәеи рышьаҭала», — иануп атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгара аинформациаҿы.