Қырҭтәыла Австриеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Узбекистани, Беларуси, иара убас, Женева иҟоу ЕАР аофиси рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа иқәнаргылеит
Қырҭтәыла Австриеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Узбекистани, Беларуси, иара убас, Женева иҟоу ЕАР аофиси рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа иқәнаргылеит

Австриеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Узбекистани, Беларуси, иара убас, Женева иҟоу ЕАР аофиси рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа иқәыргылоуп.

Австриеи, иара убас, Вена иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит  Алеқсандр Маисураӡе. Иара  1998 шықәса инаркны Қырҭтәыла адипломатиатә маҵзураҿы аус иуеит, НАТО аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнакс дыҟан.

ЕАР аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит  Реваз Ломинаӡе. Уаанӡа иара Кипри Швеицариатәи аконфедерациеи рҿы  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.

Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Гьаргь Џьанџьҕава. Иара  1994 шықәса инаркны Адәныҟатәи ауқәа рминистрреи Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҿы еиуеиҧшым аҭыҧқәа ааникылон.

Узбекистантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла дахаҭарнакхоит  Давиҭ Котариа. Иара Адәныҟатәи ауқәа рминистрраҿы аус иуан  1998 шықәса инаркны.

Беларусь Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Гьаргь  Саҕанелиӡе. Иара адиплоатиатә усура далахәып  1998 шықәса инаркны, Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.