Европа амш инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа аәҳамҭа еицыҟарҵеит

17:19, 08.04.2024

Европа амш инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа аәҳамҭа еицыҟарҵеит.

Авидеоҵамҭаҿ ацҳаражәҳәаҩцәа Европа аҭаацәара алалара иаанаго иазгәарҭоит.

„Абиԥара ҿыцқәа рзы идуӡӡоу алшароуп“, – илҳәеит Венгриа ацҳаражәҳәаҩ; „Зхы иақәиҭу, иҭынчу, асоциал-економикатәи аԥсабарахьчаратәи регулиациақәа змоу қәыԥшылароуп“, – иҳәеит германтәылатәи адипломат; „Аусурҭа ҭыԥқәеи алшарақәеи, адемократиа аконсолидациа“, – иазгәеиҭеит Испаниа ацҳаражәҳәаҩ; „Аҭынчра, мышхәбзазара, анырра“, – инацылҵоит Даниа ацҳаражәҳәаҩ; „Аҩныҵҟатәи азеиԥш ҳхашәалахәы 450 миллиард евро рыла иазҳаит“, – иазгәеиҭеит Польша ацҳаражәҳәаҩ; „Ҳара еврозона ҳалалеит, ари афинанстә ҭышәынтәалара ҳанаҭеит“, – илҳәеит Естониа ахаҭарнак; „Евроеидгыла аҭынчреи, азҳареи ашәарҭадареи рпроектуп“, – иазгәеиҭеит Италиа ацҳаражәҳәаҩ; „Ҳшәарҭадара, ҳхақәиҭра, ҳхәынаӡарақәа рыхьчаразы алшароуп“ – Франциа; „Атәыла арегионқәа зегьы апрецедент змам аҿиара“ – Румыниа ацҳаражәҳәаҩ; „Аҵасқәа шьаҭас измоу адунеи аргылара алшара“, – Латвиа ацҳаражәҳәаҩ; „Евроеидгыла – аекономикатәии аполитикатәи ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рганахьала иҟаҵоу шьаҿоуп“, – Чехиа ацҳаражәҳәаҩ; „Евроеидгыла аҩныҵҟа аусура, аныҟәра, аҵара имароуп“ – Словакиа ацҳаражәҳәаҩ; „Ари агеополитикатәи аекономикатәи  ҭагылазаашьа аиӷьтәреи ашәарҭадареи идуӡӡоу алшароуп“, – Лиетува.

 

 

Еиԥшу