Қырҭтәыла авакцинациа нагӡахоит апрофильрацәатә клиникақәа мацара рҿы
Қырҭтәыла авакцинациа нагӡахоит апрофильрацәатә клиникақәа мацара рҿы

Қырҭтәыла агәабзирахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, атәылаҿы авакцинациа апроцесс нагӡахоит. Авакцинациа апрограмма ашәарҭадара аиқәыршәара амзызла, аекспертцәа рыбжьагара ашьаҭа ала ишырыӡбаз ала, авакцинациа апроцесс нагӡахоит апрофильрацәатә клиникақәа мацара рҿы.

«Иацтәи ахҭыс лабҿаба иҳнарбеит аҳақьымцәа  ииашаны рус шынарыгӡазгьы,  апациент лымҩангразы минуҭгьы шырцәымӡызгьы, анафилактикатә шок ашәарҭара ахьыҟоу аҟынтә, авакцинациа апроцесс апрофильрацәатә клиникақәа рҿы инаҳагӡар ҳаӡбеит», — илҳәеит Габуниа.

Ахалцихе иҟоу аклиникаҿы  27 шықәса зхыҵуа амедаиаҳәшьа иацы  авакцина Astrazeneca  алаҵара  лзыҟарҵан, аваргылатә реакциа  — анафилактикатә шок лыхьит. Иаха лара Қарҭтәи Актәи ауниверситеттә клиникашҟа дииаргеит. Иахьа апациент дыҧсит.