Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе аофициалтә визитла Азербаиџьан ддәықәлеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе аофициалтә визитла Азербаиџьан ддәықәлеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе аофициалтә визитла Азербаиџьан ддәықәлеит.

АҩАР аинформациала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистр азербаиџьантәи иколлега Вилаиат Еивазов диԥылоит.

Аганқәа атәылақәа ирыбжьоу апартниорра арҭбаареи азакәанхьчаратә хырхарҭала аусеицуреи ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  дызхагылоу аделегациа иалоуп: аминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Дарахвелиӡе, Акриминалтә полициа аусҳәарҭа хада аиҳабы Давид Кикнаӡе.