Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи Ҭырқәтәыла Аџьибадемтәи жәларбжьаратәи агоспитали амеморандум рнапы аҵарҩит
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи Ҭырқәтәыла Аџьибадемтәи жәларбжьаратәи агоспитали амеморандум рнапы аҵарҩит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи Ҭырқәтәыла жәларбжьаратәи агоспиталь Acibadem Saglik Hizmetleri ve Tic. A.S.-и амеморандум рнапы аҵарҩит.

Атәылахьчара аминистрраҿ имҩаԥгаз ацеремониаҿ афоициалтә документ инапы аҵадырҩит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Бубунаури Ҭырқәтәыла жәларбжьаратәи агоспиталь адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Расим Топуз.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аусеицуратә мемрандум хықәкыс амоуп Атәылахьчара аминистрра арратәи атәылауаҩратәи хаҿқәа зхыҭабзиара ҳараку амаҵзура рыҭара.

Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны апоанқәа ирылоуп апроектқәа аус рыдулара.