Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Паата Патиашвили Нато аштаб уадаҿ Рамштаин аформат аҿы имҩаԥгаз аиԥылара ихы алаирхәит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Паата Патиашвили Бельгиа, Бриуссель, Нато аштаб уадаҿ Рамштаин аформат аҿы имҩаԥгаз Украина атәылахьчаразы аимадаратә гәыԥ 28-тәи аиԥылара ихы алаирхәит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Алианс иалоу атәылақәа аофициалтә хаҭарнакцәеи апартниоцәеи.
Жәларбжьаратә аиԥылара аартраан иқәгылеит Германтәыла Атәылахьчара аминистр Борис Писториуси Британиа Ду атәылахьчара азҵаарақәа рзы аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Џьон Ҳилии. Аиԥылара алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Риуттеи Украина ахада Володимир Зеленскии.
Украина азҵаарақәа рзы аимадаратә гәыԥ 2022 шықәса мшаԥы азы ЕАШ аԥшьгарала иаԥҵан, агәыԥ иалоуп Украина иадгылоу 50 тәыла.