Қырҭтәыла апрокуратура аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла апрокуратура иахьа имҩаҧгаз аимдарақәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит Ақалақьтә аӡбара ақәҵарақәа рышьаҭала.
«Асаботажи, асаботаж аҽазкреи, аҳәаанырцәтәи аиҿкаара ацхраареи, аҕатә усура амҩаҧгареи, аконституциатә аиҿкаашьеи Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадареи иаҿагыло аусуразы афинансқәа реизгареи афактқәа рзы Қырҭтәыла апрокуратура имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ауаажәларратә аиаҿкаара иаҿагыло ихьанӡаҭоу ацәгьаурақәа ҟазҵоз ауаа аҧарала реиқәыршәареи, иара убас, рхараҧсақәа ршәареи иалахәыз «Нанука лфонди», «Просперити», «Аицхыраара афонди», «Сирцхвилиа», «Ауаҩытәыҩса изинқәа қарҭтәи аҩни» 2025 шықәса хәажәкыра 17 рзы рбанктә хыҧхьаӡарақәа ибаандаҩын.
Ашьауҕатә ус иадҳәаланы, ашаҳаҭгатә ҵакы змоу аинформациа аиура амзызла, Қарҭ Ақалақьтә аӡбара ақәҵара аднакылеит зыӡбахәы ҳәоу афондқәа рнапхгаҩцәа – Нана Жоржолиании, Алеқсандр Цқитишвилии, Лаша Арвелаӡеи, Гуга Хелаиеи, Мариам Баџьелаӡеи рҩнқәа реимдара иазкны. Ари ақәҵара ашьаҭала, Қырҭтәыла апрокуратура аусеилыргаратә аҟәшақәа иашьашәалоу аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧыргоит», – иануп Қырҭтәыла апрокуратура аҳәамҭаҿы.