Қырҭтәыла апрепарат «Pfizer» ала авакцинациа иахысыр рылшоит 16 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла апрепарат «Pfizer» ала авакцинациа иахысыр рылшоит 16 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра.
Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, «Pfizer» ада егьырҭ авакцинақәа зегьы ҟарҵар рылшоит 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра.
«Pfizer» 16 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра рылаҵара ҟалоит. Абри авакцина иазку егьырҭ аиҭакрақәа мҩаҧаагоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аӡбарақәа рышьаҭа ала.
Ажәлар аинформациа рыҭатәуп уаҵәы инаркны арегистрациа ишалаго. Абри апроцесс ҩымчыбжь инагӡахоит. Активра зеиҧшрахо аабап. Ҳара «Синофарм» ала ҳалагоит, анеҩс уи иацлоит «Синоваки» «Pfizer»-и », — иҳәеит Гамҟрелиӡе.