Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Арарат Мирзоиан диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭәтылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа реиҩызаратәи реигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рҵакы. 

Аиҧылара алахәылацәа арегион аҿы аҭагылазаашьа иазааҭгылеит. Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҧшьигаз „Аҭынчратә агәыларатә инициатива“, уи адиалог аформат аҧҵара иазкуп. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла еснагь Кавказ аҿы ҭынч аусеицуреи аицыҟазаареи иазҿлымҳан, арегионалтә диалог аҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.