Арарат Мирзоиан абҵара 13 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Арарат Мирзоиан абҵара 13 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

Арарат Мирзоиан абҵара 13 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

 

Абҵара 13 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан.  Ари атәы аарыцҳаит Қырҭәтыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аминистрра адыррақәа рыла,  авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Арарат Мирзоиан Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили дылҧылоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа астратегиатә партниорреи арегионалтә усеицуреи иалацәажәоит. Аиҧылара ашьҭахь, ҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Иара убас, Арарат Мирзоиан Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии дырҧылоит.