Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара 5 зҵаарак ирыхәаҧшит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара 5 зҵаарак ирыхәаҧшит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. 

Аминистрцәа 5 зҵаарак ирыхәаҧшит.  

Изхәаҧшыз азҵарақәа иреиун „Қырҭтәыла аиҳабыреи аилахәыра „Қырҭтәыла Жәларбжьаратәи аенергетикатә корпорациеи“ „Скра аҧшатә“ афымцатә станциа иадҳәаланы ирыбжьарҵараны иҟоу аиқәшаҳаҭра иазку“ Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи инашәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра 12 мза рыҩныҵҟала, ахатә харџьла имҩаҧнагароуп „Скра аҧшатә“ афымцатә станциа атехника-економикатә ҭҵаара. Афымцатә станциа Гори амуниципалитетаҿ иҟоуп, заанаҵтәи адыррақәа рыла, астанциа  20,7 мегаватт амч амазаауеит. Шықәсыкала  85,23 миллион киловатт афымца ааглыхра алшоит. Ари апроект иаларҵоит  23,3 миллион адоллар.