Қырҭтәыла апарламент изаамҭаным еилатәарақәа мҩаԥнагоит
Қырҭтәыла апарламент изаамҭаным еилатәарақәа мҩаԥнагоит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иахь аҳәара ҟаиҵеит изаамҭанымтәи асессиа ааԥхьара иадҳәаланы.

Ари атәы Шьалуа Папуашвили ааицаҳаит апарламент ааԥынтәи асессиа ахыркәшараан.

Папуашвили иажәақәа рыла, изаамҭаным еилатәара ааԥхьара хықәкыс иамоуп анаркотикатә маҭәашьарқәа рыла ацәгьоура аҿагылара иадҳәалоу аԥыза-министр иԥшьгарақәа рылацәажәареи рыдкылареи.

“Аԥхынтәи асессиа ахыркәшарахь инеиуеит, аԥыза-министр ари амчыбжь азы наркотиктә маҭәашьарқәа рыла ацәгьоура аҿагылара иазку аԥшьгарақәа дырзаагылеит. Апарламенттә ааиҳара рлидер арҭ аԥшьгарақәа рыхәаԥшреи рыдкылареи дазыхиоуп. Атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иахь аҳәара ҟасҵоит изаамҭанымтәи асессиа рашәара 1-2 рзы ааԥхьара иадҳәаланы”,  – иҳәеит Папуашвили