Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада -  Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа хҧа Алхратә комиссиа хада аҿы  Аконсультациатә гәыҧ аиҿкаара апроцесс алахәызааразы мап ркит, убри амшала, апроцесс ҧырхага ду аиуеит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада -  Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа хҧа Алхратә комиссиа хада аҿы  Аконсультациатә гәыҧ аиҿкаара апроцесс алахәызааразы мап ркит, убри амшала, апроцесс ҧырхага ду аиуеит

Аҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа хҧа Алхратә комиссиа хада аҿы  Аконсультациатә гәыҧ аиҿкаара апроцесс алахәызааразы мап ркит, убри амшала, апроцесс ҧырхага ду аиуеит, — абри аҳәамҭа ҟаиҵеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Сиориӡе.  Иара иажәақәа рыла, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа  «Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа» (GYLA),  «Жәларбжьаратәи аартызаара  — Қырҭтәыла» (Transparency International) ,  «Ииашоу алхрақәа» (ISFED) Алхратә комиссиа хада аконсультациатә гәыҧ аиҿкаара апроцесс алахәызааразы мап ркит.

«Алхратә реформа инақәыршәаны, Аконсультациатә гәыҧ иалахәызароуп  аҭыҧантәии жәларбжьаратәии анаҧшратә аилахәырақәа рхаҭарнакцәеи Жәлар рыхьчаҩ иаппарат ахаҭарнакцәеи.  Алхратә реформа аус адулара аан, зыӡбахәы ҳәоу агәыҧ аҵакы иадҳәаланы еиуеиҧшым агәаанагарақәа иҟан.  Мишель идокумент инақәыршәаны, абри аҩыза агәыҧ аиҿкаара ҟалоит. Азакәанҧҵаҩцәа иалырхыз амодель ашьаҭа ала, зыӡбахәы ҳәоу агәыҧ азинмчы  иаҵанакәеит Алхратә комиссиа хада азы абжьагарақәа рыҟаҵареи иашьашәалоу адокументқәа реиқәыршәареи», — иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Сиориӡе.