Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада  -  Асааҭ  17:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, абжьыҭира рхы аладырхәит  41.35 наӡына алхыҩцәа
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада  -  Асааҭ  17:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла, абжьыҭира рхы аладырхәит  41.35 наӡына алхыҩцәа

Алхратә комиссиа хада аинформациа инақәыршәаны,  асааҭ  17:00 рзы иҟоу адыррақәа, абжьыҭира рхы аладырхәит  41.35 наӡына алхыҩцәа. Абрифинг аҿы ари атәы аалыцҳаит Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Наҭиа Иоселиани.

Иара убас,  лара алхыҩцәа иргәалалыршәеит абжьыҭира анҵәамҭанӡа 3 сааҭк шаанхаз.

Абыжьқәа рыҧхьаӡара иалагоит абжьыҭира анеҩсҵәҟьа,  асааҭ  20:00 рзы.