Қырҭтәыла Актәи аканал астуденттә кино афестиваль  «Pitching Forum» аиааирагаҩцәа аҳамҭақәа ранашьеит
Қырҭтәыла Актәи аканал астуденттә кино афестиваль  «Pitching Forum» аиааирагаҩцәа аҳамҭақәа ранашьеит

Қырҭтәыла Актәи аканал  Ш. Русҭавели ихьӡ зху Атеатри акинои аҳәынҭқарратә университет еиҿнакааз   астуденттә кино афестиваль  «Pitching Forum» аиааирагаҩцәа аҳамҭақәа ранашьеит.

Ауаажәларратә дырраҭара афестиваль аҳамҭатә фонд азоунашьҭит  5000 лари, аҩбатәии ахҧатәии аҭыҧқәа аанызкылаз аҿар Ауаажәларратә дырраҭара  аметериалтә-техникатә база рхы иадырхәар рылшоит.

«Қырҭтәыла Актәи аканал акультуратәии абаҩхатәратәи индустриаҿы алагала ду ҟанаҵоит, ақырҭуа ааглыхреи аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи иацхраауеит. Ауаажәларратә дырраҭара азеиҧш ааглыхра иаланаҵахьеит  500 000 лари, иара убас, ақырҭуа киноаалыҵ аицфинансыркра иалахәып», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директо Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Аиндустриатә проект  «Pitching Forum» мҩаҧган астуденттә фильмқәа рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны. Қырҭтәыла Актәи аканал инаваргыланы, апроект амҩаҧгара иацхрааит Қарҭ ахадареи Қырҭтәыла Амилаҭтә киноцентри.