Қырҭтәыла Актәи аканал Аҳәса рзы амчылара аҿагылара жәларбжьаратәи акампаниа иалахәуп
Қырҭтәыла Актәи аканал Аҳәса рзы амчылара аҿагылара жәларбжьаратәи акампаниа иалахәуп

Қырҭтәыла Актәи аканал Аҳәса рзы амчылара аҿагылара жәларбжьаратәи акампаниа  активла иалахәуп. Ишаҧу еиҧш, абҵара 25 рзы, Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра аҧштәы ҟаҧшьла идырлашеит.

Агендертә аиҟарара атема Ауаажәларратә дырраҭара апрограммақәа зегьы рҿы иарбоуп.

Агендертә баланс ахьчара амзызла, Қырҭтәыла Актәи аканал, ВВС аҟны аусеицурала, инанагӡоит апроект  «50:50». Апроект хықәкыс иамоуп арадиои ателехәаҧшреи аефираҿ, иара убас, онлаин аплатформақәа рҿы  агендертә баланс аиқәыршәара. Уажәазы ари апроект нарыгӡоит  70 аиҿкаарақәа  20 ҳәынҭқаррақәа рҿы. ВВС аҟны ирыдыркылаз амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ ари апроект шықәсқәак инагӡахоит.