Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа
Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа

Ауаажәлар ишырдыруа ала, Адырраҭара иазку азакәан иалалаз аԥсахрақәа рыла иԥсаххеит адырраҭара афинансркра амодели аҵаси. Иара убас, 2024 шықәсазы адыраҭара ахыбра ҽыц ахь ииасуеит, ари аинфраструктуратәи атехнологиатәи ԥсахрақәа ахылҵуеит, иазҳауеит аиҿкаара акапиталтә харџьқәа.

Еиԥырҟьам адырраҭареи аҵакы иадҳәалоу ахыдҵақәа рынагӡареи ишьақәгылаз ареалра ҿыци ирыбзоураны ҳаиҿкаара апланқәа иамаз апрогаммақәа аԥсахроуп.

Ауаажәларратә дырраҭара адырраҭарақәа зегьы еиԥшу ахәынаӡарақәеи, ахаҭабзиареи ахадареи рымоуп. Ахкырацәара  – адыррақәа рыҭара, аланарԥшыра, аспорт уҳәа уб. егь. ахәаԥшцәа зегьы иргәаԥхаратәы иҟоуп.

Шеишықәса рыбжьара ауаажәларратә дырраҭараҿ аус руеит еиуеиԥшым аполитикатә, асоциалтә, акультуратә ҵакы змоу адырраҭарақәа. Ари егьыԥсаххом, ареструктуризациа мҩаԥгахоит иҳамоу афинанстә ԥсахрақәа ирзыԥхьагәаҭаны, уи еиуеиԥшым аформақәа рыла апроектқәа зегьы, иара убас аусуҩцәа зегьы ирылакьысуеит.

Иркхоит аканал “Ателешкол”

“Амш акод”

“Горгилаӡе иузхымго аласра”

“Аферма”

“Зхы иақәиҭу агәаанагара Гьаргь Гвимраӡе ицны”

“Ҳопла, ҳара ҳа́ԥсы ҭоуп”

“Наталиеи Даҭунеи ирыцны”

“Ахацәа PLAY“

Иара убас, аԥсахрақәа ирызку аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 6 еилахәырак рҟны.

Ауаажәларратә дырраҭара 2024 шықәсатәи абиуџьет шьақәырӷәӷәан ԥхынҷкәын 14 рзы, иацы ихыркәшеит апроектқәа зегьы ргәыԥқәа рҟны ишиашоу аимадара, иахьа ауаажәларратә дырраҭара аидеиа иадгыло адырра.