Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвилии Европатәи адырраҭаратә еидгыла аделегациеи Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҧылеит
Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвилии Европатәи адырраҭаратә еидгыла аделегациеи Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҧылеит

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвилии Европатәи адырраҭаратә еидгыла (EBU) аделегациеи Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҧылеит.

Аиҧылара аполиаризациатә лагылазаараҿы Ауаажәларратә дырраҭара аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи, адемократиа арҕәҕәара апроцесс аҿы Ауаажәларратә дырраҭара ароли иазкын.

EBU ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аменеџьменти, атәылаҿы аус зуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Европатәи Ахеилаки  рхаҭарнакцәеи ирҧылахьеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал иаҭааит Европатәи адырраҭаратә еидгыла аделегациа. Арыцхәтә трансформациа апроект анапхагаҩы Саша Скотти, Ацентртәи Мрагыларатәи Европа аҟны аимадарақәа рзы аҟәша анапхгаҩы  Радка Бетчевеи, арыцхәтә трансформациеи аплатформақәеи рнапхгаҩы Воутер Картиеи Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аменеџьмент рҟны аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.  Европатәи адырраҭаратә еидгыла аделегациа рвизит хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи арыцхәтә технологиақәа рхырхарҭала Ауаажәларратә дырраҭара аусушьа ахәшьара аҭареи, убри анеҩс, жәларбжьаратәи аҧышәа адгалареи.

Уажәааны,   EBU аҭыжьымҭа PLAYBOOK аҿы Қырҭтәыла Актәи аканал иазкны ирҩит уи арыцхәтә трансформациа лас аганахьала иҿырҧшыгоуп ҳәа.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара, 2005 шықәса инаркны, Европатәи адырраҭаратә еидгыла активтә алахәылацәа иреиуп.