Қырҭтәыла аиҳабыра Хвича Кварацхелиа Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аиааира аорден анашьаразы икандидатура иқәдыргылеит
Қырҭтәыла аиҳабыра Хвича Кварацхелиа Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аиааира аорден анашьаразы икандидатура иқәдыргылеит

Қырҭтәыла аиҳабыра Хвича Кварацхелиа Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аиааира аорден анашьаразы икандидатура иқәдыргылеит.

Ари атәы иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәараҿ ааицҳаит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

“Хвича Кварацхелиа Ачемпионцәа рлига аҿы аиааира агара идиныҳәалар сҭахуп. Ашьапылампыл аҿы ари иреиҳаӡоу аҩаӡароуп. Ҳтәыла азааигаз аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит, агәра ганы сыҟоуп, наҟ-наҟгьы ақәҿиара дуқәа дышрыхьӡо.

Иҳамоу атрадициа ала, ҳспортсменцәа ақәҿиара дуқәа анрымоу, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа раҳҭоит. Сгәы шаанаго ала, Ачемпионцәа рлига аҿы аиааира агаҩы аҳәынҭқарратә ҳамҭа иақәнагоит. Хвича Кварацхелиа Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аиааира аорден анашьаразы икандидатура иқәҳаргылеит”, -иҳәеит аԥыза-министр.

Хвича Кварацхелиа дахьыхәмаруа «Пари Сен-Жермен» Ачемпионцәа рлигаҿ аиааира агеит. Хвича Кварацхелиа  Ачемпионцәа рлига афинал аҿы «Интера»  амба иҭаиршәан, ПСЖ аиааираҿ (5:0) алагала ду ҟаиҵеит. Каха Калаӡе инеҩс, Кварацхелиа Амилаҭқәа рлига афинал аҿы ампыл амба иҭазыршәаз аҩбатәи ақырҭуа шьапылампыласҩы иоуп.