Қырҭтәыла аиҳабыра Еврокомиссиантә Қырҭтәыла иаиуз азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа аладырҵәеит
Қырҭтәыла аиҳабыра Еврокомиссиантә Қырҭтәыла иаиуз азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа аладырҵәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, Қырҭтәыла аиҳабыра Еврокомиссиантә Қырҭтәыла иаиуз азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа аладырҵәеит.

Ари аӡбара рыдыркылеит иахьа аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала имҩаҧгаз Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы аиҳабыратә комиссиа аилатәараҿы. Аҩбатәи ахәҭа  33 ахәҭаҷқәа рыла ишьақәгылоуп, аусхкытә секторқәа зегьы инрықәыршәаны  2300 зҵаара амоуп.

Қырҭтәыла аиҳабыра аполиткиатәи аекономикатә усхкқәа ирызку  азҵаабҕьыц актәи ахәҭа хадырҭәаахьеит. Ашәахьазы  уи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ирҭоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа ахарҭәааразы лаҵара 13-нӡа аҿҳәара рымоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит аҧыза-министр ипресс-маҵзура.