Қырҭтәыла аиҳабыра афатәаалыҵ ахәқәа ирызку акоординациатә комиссиа аилазаара шьақәдырҕәҕәеит
Қырҭтәыла аиҳабыра афатәаалыҵ ахәқәа ирызку акоординациатә комиссиа аилазаара шьақәдырҕәҕәеит

Қырҭтәыла аиҳабыра афатәаалыҵ ахәқәа ирызку акоординациатә комиссиа аилазаара шьақәдырҕәҕәеит.

2025 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, акоординациатә комиссиа анапхгара азиуеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Акомиссиа иалоуп: аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили, аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр  Давиҭ Сонҕулашвили, афинансқәа рминистр  Лаша Хуцишвили, агәабзиарахьчара аминистр  Михаил Сарџьвелаӡе, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы  Мамука Мдинараӡе, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы  Леван Жоржолиани, Аконкуренциеи ахархәаҩцәа рыхьчареи азы агентра анапхгаҩы  Иракли Леквинаӡе.