Қырҭтәыла аиҳабыра 2025 шықәсатәи абиуџьет аҧсахрақәа аларгалеит, иара убас, ашықәс анҵәамҭанӡа атәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа еиҕьартәит 7,2%-нӡа
2025 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьет аҧсахрақәа алагалоуп. Аинформациа ишану ала, 9 мза ранализ иазҧхьагәаҭаны, ареалтә економикатә азҳареи, егьырҭ амакроекономикатә параметрқәеи аханатә ирыхәаҧшит.
Иара убас, иҧсахуп абиуџьет ахашәалатәи ахарџьтәи хәҭақәа: ганкахьала, программақәак рзы иацҵаны аресурсқәа аҭаххеит, егьи аганахьала — ҳазну ашықәс азы еиуеиҧшым амзызқәа рымшала программақәак рҿы аҧаратә ресурсқәак аанхеит.
«Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, 2025 шықәсатәи абиуџьет иалагалатәу аҧсахрақәа рпроект еиқәыршәан. Аҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп иацҵаны ицәырҵыз аҭахрақәа аҧара рзоушьҭреи, иара убас, иҭацәхаз аҧара 2026 шықәсатәи абиуџьетаҿ имаҷны аҧара ззоушьҭу апрограммақәа рзы ахархәареи», – иануп адокументаҿ.
Лымкаала, Қырҭтәыла аиҳабыра сынтәатәи ашықәс анҵәамҭанӡа, атәыла аекономикатә азҳара азҧхьагәаҭа 6,0% аҟынтә 7,2%-нӡа еиҕьартәит. Иара убас, аинфлиациа абжьаратә арбага шьҭыхуп — 3,2% аҟынтә 3,9%-нӡа. Аҳәынҭқарратә ауал маҷхеит 35,9% аҟынтә 34,1%-нӡа.
Убри адагьы, иҭацәу абиуџьет аплантә арбага азҳауеит 222,6 млн лари ала, ари арбага 32 133,5 млн лари иаҟарахоит.