Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҵаратә центр Аҳәынҭқарратә шәарҭадара академиас иҟарҵеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара академиа адыррақәа рыла, академиа ҿыц асистематә реформа иаҵанакуеит, уи аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусхкы аҿы акрызҵазкуа аиҭакроуп.
«Академиа иреиҳаӡоу аҵаратә усбарҭа астатус анашьоуп, уи аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусхкы аҿы шықәсыктәи амагистртә программа мҩаҧнагоит.
Амагистртә программазы академиа иҭалар рылшоит абакалавр иҩаӡара змоу, азеиҧш аиагистртә ҧышәарақәеи академиа аҩныҵҟатәи аҧышәареи зҭииз ауааҧсыра», — иануп аинформациаҿы.