Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҳа ицәгахеит, аха, уи ахылаҧшра ҟалоит
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит, аха, агәабзиарахьчара асектор аҿы апроблемақәа иҟам.
«Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахеит, аха, агәабзиарахьара асектор ари аҭагылазаашьа ибзианы иахылаҧшуеит. Ахәышәтәырҭақәа рҿы иазхаша аҭыҧқәеи, аҳақьымцәеи, аҵәыҵәри, ахәшәқәеи иҟоуп. Есымша 2 000–3 000–4 000ҩык ачымазаҩцәа ҳзацлар ҳҭахым, уи аҽацәыхьчара ҳалшароуп», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.