Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа реицхантәаҩцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа реицхантәаҩцәа дырԥылеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи рҿы акризис азҵаарақәа рзы Евроеидгыла хаҭарнак ҷыда, Женеватәи жәларбжьаратәи еилацәажәарақәа реицхантәаҩы Тоиво Клаар диԥылеит.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аганқәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын азы имҩаԥгаз Женеватәи еилацәажәарақәа 51-тәи рраунд иазааҭгылан, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадареи, агуманитартәи ауаҩытәыҩса изинқәеи рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа еиҿаршәшәаны иахцәажәеит.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Евроеидгыла хаҭарнак ҷыда аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла имҩаԥнаго апровокациақәа рызкны адыррақәа ииҭеит. Аиԥылараҿ рыхцәажәеит Қырҭтәыла атәылауаа изакәанымкәа раанкылара афактқәеи, ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ абариерқәа рыргылареи, аиҭаҵра аганахьала иҟоу аԥкрақәеи, амедицинатә евакуациа аԥырхагахареи, аетникатә ҟазшьала ақыртуаа рдискриминациеи ирызку азҵаарақәа. Лаша Дарсалиа ишазгәеиҭаз ала, изакәанымкәа иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыԥшра ҟамҵакәа иоружьҭроуп. Уи Давид Башарулии, Гига Оҭхозориеи рышьразы ахара зду ахаҿқәа рганахьала азыӡбанагӡара хымԥада шымҩаԥгатәу иазгәеиҭеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Урыстәыла аннексиатә процессқәагьы дрыхцәажәеит.