Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2022 шықәса хәажәкыра 12 рзы импыҵахалоу Аԥсны апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара, Қырҭтәыла асуверенитети атерритоиатә акзаареи рганахьала имҩаԥгоу изакәаным актуп,- иануп импыҵахалоу Аԥсны апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгара инамаданы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿ ишану ала, импыҵахалоу аҵакыраҿ алхрақәа рымҩаԥгара жәларбжьаратәи азинтә номақәеи апринципқәеи ирҿагылоит, Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа ҩрегионк изакәанымкәа рымпыҵахалара иашьҭанеиуа илҵшәадоу аҽазкроуп.

“Жәларбжьаратәи аиҩызара Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи анрыдгыло аамҭазы, урыстәылатәи арратә, аполитикатә,аекономикатә, асоциалтә системахь аинтеграциала Урыстәылатәи афедерациа нанагӡоит Қырҭтәыла импыҵахалоу атерриториақәа раннексиа.  Инагӡоит аыԥ аҿы иаанхаз атәылауаа ашьаҭатәи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи реилагареи ақырҭуаа ретникатә дисриминациеи,” – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц.