Қарҭтәи ателебааши "Аҭынчра ацҳеи" Евроеидгыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашеит
Қарҭтәи ателебааши "Аҭынчра ацҳеи" Евроеидгыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашеит

Қырҭтәыла Европа атәыла-кандидат статус аиуит –  ари аӡбара инамаданы, Қарҭтәи ателебааши “Аҭынчра ацҳеи” Евроеидгыла абираҟ аҧштәқәа рыла идырлашеит, – аарыцҳаит Қарҭ ахадара аҟынтә.

Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат тәыла астатус анашьаразы арекомендациа ҟанаҵеит абҵара 8 рзы.

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе 2022 шықәса хәажәкыразы иҟаиҵаз аҳәамала, Қыртәыла акандидат статус аиуразы Еврокомиссиа адҵаалеит. Хәажәкыра 3 рзы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аофициалтә арзаҳал инапы аҵаиҩит.