Қарҭтәи аҳаирбаӷәазаҿ апассаџьырцәа рхала ирылшоит жәларбжьаратәи ареисқәа рзы арегистрациа
Қарҭтәи аҳаирбаӷәазаҿ апассаџьырцәа рхала ирылшоит жәларбжьаратәи ареисқәа рзы арегистрациа

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ идыргылоит ахаларегистрациатә киоскқәа (Self-Check in Kiosks), – аанацҳаит “Тав Џьорџьиа”.

Аилахәыра аинформациа ала, адунеи аҿы еицырдыруа абренд EASIER акиоскқәа рыла апассаџьырцәа ареис аҭаҩреи, аҭыԥ алхреи, аҭаларатә талон акьыԥхьреи рхала ирылшоит.

“Ари апроект ала апассаџьырцәа ррегистрациа мариахоит, “Тав Џьорџьиа” Қарҭтәи Баҭымтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы 150 000 лар иаҟароу аинвестициа аланагалеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ иахьазы ԥшькиоск аус руеит“, –  аанацҳаит “Тав Џьорџьиа”.