Қарҭи, Мцхеҭеи, Русҭавии аӡы азы ахархәаратә тарифқәа ишыҟаз еиҧш иаанхеит
Аилахәыра «Џьорџьиан Уотер енд Пауер» аӡәылеиқәыршәаразы атариф ҿыцқәа шьақәнаргылеит, ауааҧсыра рзы атарифқәа ишыҟаз еиҧш иаанхеит. Ари аӡбара рыдыркылеит арегулиациатә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы.
Афымцеи аӡылеиқәыршәареи арегулиациатә амилаҭтә комиссиа аӡбарала, аилахәарақәа рзы ишьақәыргылоу атарифқәа амч рымазаауеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2026 шықәса ҧхынҷкәын 31-нӡа.
«Акомиссиа аӡбарала, Қарҭи Мцхеҭеи акоммерциатә тариф акубтә метр аӡы азыҳәан 8,807 лари иаҟароуп, Русҭави — 6,500 лари. Ишьақәыргылоу атарифқәа амч рымазаауеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2026 шықәса ҧхынҷкәын 31-нӡа», — иануп аинформациаҿы.