Қарҭи Гыртәылеи анаркоацәгьаура ахарадҵарала ҧшьҩык аанкылан
Қарҭи Гыртәылеи анаркоацәгьаура ахарадҵарала ҧшьҩык аанкылан

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, анаркоацәгьауразы ҧшьҩык аанкылоуп, хҩык – Қарҭ, аӡәы – Гыртәыла.

Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра  8 инаркны  20 шықәсанӡа, мамзаргьы аҧсранӡа аҭакра рықәырҵар ауеит.

Қарҭ иаанкылаз руаӡәы идбалан аҭиразы ирмазеит 3 пачкак  «кокаини» 9 пачкак  «марихуанеи».

Карҭ иаанкылоу егьи ауаҩҧсы идырбалеит  25 алаҳәага арҩышьыгатә маҭәашьар  «Альфа-ПВП».

Қарҭ иаанкылаз ахҧатәи ауаҩҧсы идырбалеит  49 таблетка арҩышьыгатә маҭәашьар  «Субутеқс».

Гыртәыла иаанкылаз ахаҵа ҷыдала ирацәаны анарокотикқәа идырбалеит  — 100 таблетка апрепарат  «Субоқсин».