Қарҭ Украина адгыларатә акциа мҩаҧысит
Қарҭ Украина адгыларатә акциа мҩаҧысит

Амассатә урыстәылатәи ажәылара анымҩаҧысуа аамҭазы,  Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа, Украина адгыларатә акциа мҩаҧган.

Акциа еиҿыркааит Қырҭтәыла иқәынхо украинаа.

Акциашҟа инеит ақырҭуа оппозициатә партиақәа ахаҭарнакцәагьы. Дара ишырҳәаз ала, азеиҧш аҕа иаҵархаразы иахьа Украина иаҳа ацхыраара аҭахуп.  Акциа алахәылацәа рыхәҭак   Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  ихақәиҭтәра иаҳәон.