Қарҭ ахадара - Аконтрактор аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аԥыхра амшала Ҵереҭели имҩаду аҿы автомобилқәа реиҭаҵра аҿҳәара ԥсаххом
Қарҭ ахадара - Аконтрактор аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аԥыхра амшала Ҵереҭели имҩаду аҿы автомобилқәа реиҭаҵра аҿҳәара ԥсаххом

Аконтрактор аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аԥыхра амшала Ҵереҭели имҩаду аҿы автомобилқәа реиҭаҵра аҿҳәара ԥсаххом, – иаарыцҳаит Қарҭ ахадара  аҟынтә.

“Қарҭ ахада аконтрактор аилахәыра иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵахьеит.

Аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара апроцесс аан ицәырҵит аилахәырақәа ирызку ауадаҩрақәа, убри аҟынтә имҩаԥаагоит иџьбароу амониторинг, аилахәырақәа агәҽанҵара раҳҭоит, ашәахтәқәа рықәҵахоит, ма аиқәшахаҭрақәа аԥыххоит.

Абри еиԥша уадаҩра цәрҵит Ҵереҭели имҩаду арҽеиратә усурақәа раан, аха аконтрактор аилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра аԥыхра амшала Ҵереҭели имҩаду аҿы автомобилқәа реиҭаҵра аҿҳәара ԥсаххом“, – иануп аҳәамҭа аҿы.