Қарҭ ахадара аинициативала Украинаҟа идәықәҵоуп  50 тонна агуманитартә аидара
Қарҭ ахадара аинициативала Украинаҟа идәықәҵоуп  50 тонна агуманитартә аидара

Қарҭ ахадара аинициативала, иахьа аҳҭнықалақь аҟынтә Украинаҟа идәықәҵоуп  50 тонна агуманитартә аидара.

Аидара анагара апроцесс иалахәып «Қырҭтәыла аҧошьҭеи»  Аџьар ҟаҧшьи.

Қарҭ ахада Каха Калаӡе агәыҳалалратә ҳамҭа ҟазҵаз аилахәырақәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ари апроцесс аҿы алогистика ауп зегьы реиҳа иуадаҩу. Адокументқәа зцыз аидара хәҭак Аџьар ҟаҧшь ала идәықәаҳҵахьеит. Ауааҧсыра иаарго афатәаалыҵ адокументқәа ацым, убри аҟынтә ҳара ҳхала алогистика еиқәҳаршәоит.  Қырҭтәыла  украинатәи амашьынарныҟәцаҩцәа иҟоуп, дара рыцхыраарала аидара Украинаҟа инаҳгоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.