Қарҭ ахада Каха Калаӡе визитла Милан дыҟоуп
Қарҭ ахада Каха Калаӡе визитла Милан дыҟоуп

Қарҭ ахада Каха Калаӡе визитла Милан дыҟоуп, авизит аҳәаақәа ирҭагӡагы уи Ломбардиа арегион ахада Атиллио Фостанеи авице-ахада Рафаеле Катанеи дырԥылеит.

Қарҭ ахадара аинформациала, аганқәа Қырҭтәылеи Италиеи реизыҟазаашьақәеи, аусеицура аперспективақәеи, инагӡо, иара убас инагаӡараны иҟоу апроектқәеи ирыхәаԥшит.

Аусҳәарҭа аинформациала, Каха Калаӡе ишазгәеиҭаз ала, Милан иара кыршықәса дахьынхоз, даараӡа бзиа иибо қалақьуп, Қарҭи Милани реизыҟазаашьақәа рырҭбаара дақәгәыӷуеит.

Ломбардиа арегион ахада Атиллио Фостана Каха Калаӡе авизит азы иҭабуп ҳәа иаиҳәан, иазгәеиҭеит хара имгакәа Қарҭ авизитла дшаҭаауа.