"Политико"  - Дональд Туск аполитикашҟа дхынҳәуеит
"Политико" - Дональд Туск аполитикашҟа дхынҳәуеит

Аҭыжьымҭа “Политико” аинформациа ала, Польша ԥасатәи Аԥыза-министр, Европатәи ахеилак ԥсаатәи ахада Дональд Туск польшатәи аполитикашҟа дхынҳәуеит.

Аҭыжьымҭа аинформациала, Туск Польша аоппозициатә партиа “Атәылауаҩратә платформа” даҽазнык дахагылоит.

“Амбициақәа сымаӡам, аха Польша адемократиатә нормақәа рахь ахынҳәра аус аҿы сацхраароуп,” – иҳәеит Туск.