Польшатәи Сеим аҧыза-министр Дональд Туск иеиҳабыра аилазаара шьақәнарҕәҕәеит.
Аиҳабыра аилазаара иадгылеит 248ҩык польшатәи адепутатцәа, 201ҩык иақәшаҳаҭымхеит.
АИХқәа рдыррақәа рыла, ҧхынҷкәын 13 рзы аҧыза-министр Дональд Туски иеиҳабыреи ҭоуба шьҭарҵоит, анеҩс, Дональд Туск, Бриуссельҟа ддәықәлоит Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҽалархәразы.