Польша иахьа аԥыза-министр ҿыц далырхуеит
Польша иахьа аԥыза-министр ҿыц далырхуеит

Польшатәи Сеим аҟны иахьа аԥыза-министр ҿыц далырхуеит.  Польшатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иахьа польшатәи азакәанԥҵаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылоит аԥыза-министр Матеуш Моравиецки, уи аиҳабыра аиҿкаара амандат Польша ахада, Анджеи Дуда иҟынтә иоуит.

Адепутатцәа реиҳара Моравиецики икандидатура иадымгылар, азакәан инақәыршәаны, Сеим алахәылацәа аиҳабыра рпнапхгаҩы иҭыԥ ахь аоппозициаа ркандидиатуразы абжьыҭира мҩаԥыргоит. Уи атәыла ԥыхьатәи аԥыза-министр Дональд Туск иуоп.

Польшатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Матеуш Моравиецки идгылоит 191-ҩык адепутатцәа, Туск – 248-ҩык.

Польша аԥыза-министр ҿыц иинаугурациа ԥхынҷкәые 13 рзы мҩаԥгахоит.