Польша аҧыза-министр иҳәамҭала, Германтәылоуп Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа рырџьбара иаҧырхагоу
 Польша аҧыза-министр иҳәамҭала, Германтәылоуп Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа рырџьбара иаҧырхагоу

«Германтәылоуп Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа рырџьбара иаҧырхагоу», — иҳәеит Польша аҧыза-министр  Матеуш Моравецки.

Ари атәы аанацҳаит агентра «Реитер».  Матеуш Моравецки иҳәамҭала,  Венгриа асанкциақәа иаҿагылам.

АИХ адыррақәа рыла, Матеуш Моравецки ари аҳәамҭа ҟаиҵеит амҽышазы Венгриа имҩаҧгаз алхрақәа рҿы аҧыза-министр Виктор Орбан аиааира анига ашьҭахь, ишыжәдыруа ала, Орбан акритика изыруит Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иадҳәаланы ипозициа ахьыҕәҕәамыз азыҳәан.

«Венгриа ҳшазныҟәозаалакгьы, уи аҧшьбатәи аиааироуп, ҳара адемократиатә алхрақәа пату рықәаҳҵароуп. Германтәылоуп асанкциа рырџьбара иаҧырхагоу, Венгриа асанкциақәа ирықәшаҳаҭуп», — иҳәеит  Моравецки.