Польшатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ивизит ихыркәшоуп
Польшатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ивизит ихыркәшоуп

Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рау Қырҭтәылаҿ ивизит ихыркәшоуп.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили польшатәи иколлега днаскьеигеит. Уаанӡа аминистрцәа Польша ԥасатәи ахада Лез Качински имемориал ашәҭқәа ақәырҵеит.

Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла визитла даҭаит мшаԥы 26-28 рзы. Уи дырԥылеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, аԥыза-министр Иракли Ӷаибашвили , ахада Саломе Зурабишвили.

Ваиит аҳәаақәа ирҭагӡаны Збигнев Рау Қырҭтәыла атерриториатә акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал ашәҭқәа ақәиҵеит.