Ҧхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амоуп
Ҧхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿы ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амоуп

Қырҭтәыла апарламент азакәанҧҵаратә орган ахыбраҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа иазку аинформациа аланарҵәеит.

Адырра ишану ала, ҧхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амоуп.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы идҵа инақәыршәаны, ҧхынҷкәын 14 рзы апарламент ахыбра аҩналара   иҧкызаауеит.

Алхрақәа рымш азы апарламент ахыбра иҩналар рылшоит алхратә коллегиа алахәылацәеи иашьашәалоу аструктурақәа рҟынтә ааҧхьара зауз ауааҧсыреи мацара.

Иара убас, ахыбрашҟа инарышьҭуеит зныктәи аккредитациа ҷыда зауз амедиахархәагақәа рхаҭарнакцәагьы.