Ҧхынҷкәын 1-нӡа Қырҭтәыла алышәшәақәа леиуам, ҧхынҷкәын 1 инаркны ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит
Ҧхынҷкәын 1-нӡа Қырҭтәыла алышәшәақәа леиуам, ҧхынҷкәын 1 инаркны ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра абҵара  29–30-и ҧхынҷкәын  1-и рзы амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла,  ҧхынҷкәын 1-нӡа Қырҭтәыла алышәшәақәа леиуам, ҧхынҷкәын 1 инаркны ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит.

Қарҭ шьыбжьон  +13…+15 градус ҧхаррахоит.

«Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы  (Баҭымы, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) абҵара 29–30 рзы амш бзиазаауеит,  ҧхынгәы 1 инаркны хьшәашәарахоит,  ақәа леиур ҟалап.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла  (Зесҭафони, Қәҭешь,  Самтредиа,  Жәыргьыҭ,  Мартвили,  Озургеҭи)  абҵара 29–30 рзы амш бзиазаауеит,  аха,  ҧхынҷкәын 1 азы ақәа леиуеит. Шьыбжьон атемпература лаҟәхоит  +13…+15 градус аҟынӡа.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы  (Местиа, Бахмаро) абҵара 29–30 рзы амш бзиазаауеит,  ҧхынҷкәын 1 азы асы леир ҟалап. Шьыбжьон  +6…+8 градус ҟалоит.