Петре Цискаришвили – Акаолициатә еиҳабыра аиҿкаара иазку аиҿцәажәарақәа хықәкыс ирымоу сыздырӡом, уажәтәи аетапаз ари азҵаара алацәажәара иаамҭам ҳәа сгәы иаанагоит
«Акаолициатә еиҳабыра аиҿкаара иазку аиҿцәажәарақәа хықәкыс ирымоу сыздырӡом. Аидҵара иалацәажәозар, ҳара актәи амш инаркны акзаара ҳадгылоит», — иҳәеит апартиа «Амилаҭтә ҵысра» амаӡаныҟәгаҩ хада Петр Цискаришвили.
Иара иажәақәа рыла, уажәтәи аетапаз акаолициатә еиҳабыра аиҿкаара азҵаара алацәажәара иамҭам ҳәа игәы иаанагоит.
«Акаолициатә еиҳабырақәа еиҿыркаауеит алхрақәа рышьҭахь, апартиақәа акаолициа аҧҵаразы иазхаша амандатқәа анроулак. Акаоалициа — апарламентәт мчқәа реидҵароуп иаанаго. Убри аҟынтә, ари азҵаара иадҳәалоу аиҿцәажәарақәа зызку сзеилкаауам. Уажәтәи аетапаз ари азҵаара алацәажәара иаамҭам ҳәа сгәы иаанагоит Акзаара ҳалацәажәозар, ҳара актәи амш инаркны акзаара ҳадгылоит», — иҳәеит Цискаришвили.