Петре Цискаришвили - Аӡбаҩк ила Леван Хабеишвили иҿагыло аӡбара адкылареи ахәаԥшреи закәандароуп
Аӡбаҩк ила Леван Хабеишвили иҿагыло аӡбара адкылареи ахәаԥшреи закәандароуп, ишубарҭоу ала, ари аӡбаҩ иарбанзаалак ақәҵара адкыларазы дазыҟарҵеит, уажәгьы аполитикатә ҭакҧхықәра зегьы иара идырҵеит, – ихәеит „Амилаҭтә ҵысра“ амаӡаныҟәгаҩ хада Петре Цискаришвили.
Иара иҳәамҭала, Леван Хабеишвили изакәызаалак ацәгьаурак ҟаимҵеит.
„Ақырҭуа гәахәтәы ахаҭарнакцәа дара рзы иҟазшьарбагоу ауранагӡара иазыхынҳәит, ари аус аҳәынҭқарратә аарҳәра ахәҭаҷла иахәаҧшуеит, уи иреиҕьу абольшевиктә традициақәа иреиуп, абри ауп рполитикатә хаҿсахьаҵәҟьа, рполитикатә оппонентцәа ирышьҭацалоит, ирықәыҕәҕәоит, избанзар, ҳәатәыс акгьы рымам, 13 шықәса рыҩныҵҟала акгьы ҟарымҵеит, хархәагак ауп ирзаанхаз – аполитикатә аиашаӡбара, Леван иҿагыланы дара рпрокуратуреи рыӡбарҭақәеи рыла абри ахархәага рхы иадырхәоит“, – иҳәеит Петре Цискаришвили.
Қырҭтәыла апрокуратура хада, азакәандаратә ауранагӡара ацынхәрас аҵыртыша аҭара аҽазкреи, аҳәынҭқарратә аарҳәразы ааҧхьара аҟаҵареи, аусеилыргара аҧырхагахареи азы Леван Хабеишвилии Мурҭаз Зоделавеи ахара рыднаҵеит. Апрокуратура, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала, Леван Хабеишвили изы абаандаҩтәреи Мурҭаз Зоделава изы ақьыра ашәареи иаҳәоит.