Петер Сииарто –  Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус азы мап ацәкра иазкны Бриуссель ирыдыркылаз аӡбара ииашамызт,  уи ала ақырҭуа жәлар рахь аҳаҭырдара аарҧшын
Петер Сииарто –  Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус азы мап ацәкра иазкны Бриуссель ирыдыркылаз аӡбара ииашамызт,  уи ала ақырҭуа жәлар рахь аҳаҭырдара аарҧшын

Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус азы мап ацәкра иазкны Бриуссель ирыдыркылаз аӡбара ииашамызт,  – иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Петер Сииарто  Будапешт иареи ақырҭуа иколлега Илиа Дарчиашвилии реиҧылара ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи акандидат астатус рыхәҭан.

«Қырҭтәыла аҭынчра иазгәыкуп, европатәи аҽазышәарақәа амоуп, ҳара уи иҳаракны ахә ҳшьоит.  Аха, рыцҳарас иҟалаз, уажәааны Бриуссель ирыдыркылаз аӡбара ииашамызт, Қырҭтәыла акандидат астатус аҭатәын. Қырҭтәылеи уи ауааҧсыреи ари астатус рыхәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Бриуссель ирыдыркылаз аӡбарала ақырҭуа жәлар рахь аҳаҭырдара аарҧшын, ҳара алшара ду ҳцәыӡит», — иҳәеит Петер Сииарто.

Иара убас, Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала, зтәылауаа аамҭак иалагӡаны Венгриа аусура азин зауа аҳәынҭқаррақәа рсиа иалагалоуп Қырҭтәылагьы.