Петер Мадиар —  Урыстәылеи Венгриеи ргеографиатә ҭыҧ аҽаҧсахуам, иаҭаххар, Урыстәыла ахада ҳиацәажәоит, аха, ахаангьы ҳаиҩызцәахом
Петер Мадиар — Урыстәылеи Венгриеи ргеографиатә ҭыҧ аҽаҧсахуам, иаҭаххар, Урыстәыла ахада ҳиацәажәоит, аха, ахаангьы ҳаиҩызцәахом

«Урыстәылеи Венгриеи ргеографиатә ҭыҧ аҽаҧсахуам, иаҭаххар, Урыстәыла ахада ҳиацәажәоит, аха, ахаангьы ҳаиҩызцәахом», — иҳәеит апартиа «Тиса» алидер  Петер Мадиар.

Украинатәи апресса адыррақәа рыла, алхрақәа рҟнынӡа мышкы шагыз, Мадиар венгриатәи агазеҭ аинтервиу аҿы  аенергетикатә хьыҧшымра даналацәажәоз, иазгәеиҭеит аконкреттә ҭагылазаашьақәа раан Урыстәылаҟны адиалог амҩаҧгара шрықәшәо.

«Иаҭаххар, Урыстәыла ахада иацәажәара ҳақәшәоит. Урыстәылеи Венгриеи ргеографиатә ҭыҧ аҽаҧсахуам.  Аамҭак иалагӡаны аенергетикатә  хьыҧшымра нагӡахоит.  Адиверсификациа иазырҳатәуп, уи азы аамҭа аҭахуп», — иҳәеит Мадиар.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла ахада иацәажәара рықәшәаргьы, дара ахаангьы еиҩызцәахом.